Новости

Аҧсны Абанк амузеи британиатәи ажурнал «Coin News Magazine» аҟны

22-10-2021 14:00

Асны Абанк амузеи аартра азгәаҭан адунеитә нумизматикатә уаажәларраҟны.   Британиатәи анумизматикатә журнал «Coin News Magazine» аҟны ари ахҭыс инамаданы астатиа кьыҧхьын. Астатиаҟны инарҭбааны иалацәажәоуп Аҧсны адгьылҵакыраҟны 2500 ш. рыҩныҵҟа хархәара змаз амузеи аҧаратә дыргақәа реизгара, рыҵәахра, рыҭҵаара, рцәыргақәҵара иазкны амузеи аҿаҧхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа ртәы.   

Ажурнал аредакциа иара убас иакьыҧхьит «A day at the museum» ҳәа хьӡыс измоу анҵамҭа амузеи аусура адагьы, Аҧсны аҭоурых иазку аҭоурыхтә аилыркаага ахьарбоу. Ара иаҵшьны иҳәоуп атәыла 1999 ш. Қырҭтәыла аҟнытә ахьыҧшымра шрыланаҳәаз атәы.  Аредактор хшыҩзышьҭра аиҭоит Аҧсны ажәытәӡатәи аҭоурых, Византиеи, Оттомантәи аимпериеи иареи реимадара, насгьы уи Аҧсны амонетатә система ишаныҧшыз ртәы. 

Ажурнал аредакциа аҧхьаҩцәа ирабжьнагоит Асны аҭаара. Уажәы иҟоу аҧкрақәа ирыхҟьаны уи аҟаҵара уадаҩхаргьы, Аҧсны Абанк амузеи асаит аҟны онлаин екскурсиа амҩаҧгара шалшогьы азгәаҭаны.  

«Coin News Magazine» еицырдыруа британиатәи аҭыжьырҭа «Token Publishing» иаҵанакуеит, иҭыҵуеит 1983 ш. раахыс. Ажурнал есымзатәи атираж иартәоит   8000 цыра.

Ажурнал адаҟьақәа рфото: