Новости

Амилаҭтә шәатәтәы система АҧРА аҟны 2021 ш. рзы жәымз рыҩныҵҟала аоперациақәа рымҽхак 18,9 млрд мааҭ артәеит

21-10-2021 15:15

2021 ш. рзы жәымз рыҩныҵҟала абанктә карта зку рыла Аҧсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҟны имҩаҧгоуп азеиҧш еицҵалыҵ 18,9 млрд зыртәо аоперациақәа. Абасала, Амилаҭтә шәатәтәы система АҧРА ашәатәтәы инфраструктурала  имҩаҧгоу атранзакциақәа рымҽхак иазҳаит ҵыҧх абри аамҭазы аасҭа 83,5% рыла, мамзаргьы 8,6 млрд мааҭ рҟынӡа. Инагӡоу аоперациақәа рыҩныҵҟа жәларбжьаратәи ашәатәтәы системақәа ркартақәа рыхәҭаа иаҵанакуеит 44,7%, АҧРА акартақәа – 43,3%, акарта «Мир» ашәатәтәы система  – 12,0%.

Урыстәылатәи абанктә картақәа рыла АШӘС АҧРА аҟны 2021 шықәсазы жәымз рыҩныҵҟала ҵыҧх абри аамҭазы аасҭа аоперациақәа рымҽхак иазҳаит 162,1% рыла (6,6 млрд мааҭ.), иагьартәеит 10,8 млрд мааҭк. Убри аан «Мир» акартақәа рыла ашықәс алагамҭа инаркны имҩаҧган аоперациақәа 2,3 млрд мааҭ рыхә, ари 181,1% (1,5 млрд мааҭ) рыла еиҳауп 2020 шықәсазтәи арбагақәа раасҭа. 

2021 ш. жәымзтәи аихшьалақәа рыла абанктә картала атауарқәеи амаҵзурақәеи рыхәҧса ашәара иазку напынҵадатәи аоперациақәа рымҽхак иартәеит 5,4 млрд мааҭ, ЖӘАС акартақәа рыла – 4,1 млрд мааҭ, Мир акартақәа рыла – 1,0 млрд мааҭк.   Акарта АҧРА зку рнапынҵадатәи аоперациақәа рымҽхак ҵыҧх абри аамҭазы аасҭа иазҳаит 88,8% рыла, иагьартәеит 289 млн мааҭ.