Новости

Ажурнал «Золотои червонец» ианылаз акьыҧхьымҭа

16-02-2023 14:00

Урыстәыла анумизматикатә ҭыжьымҭа ду «Золотои червонец» №4 (61) 2022 аҵыхәтәантәи аҭыжьымҭа адаҟьақәа фба Аҧсны Абанк амонетақәа ирызкуп.

Арубрика «Адунеи амонетақәа» аҟны икьыҧхьуп Аҧсны Абанк амонетақәа ирызку астатиа. Уи шьақәгылоуп Аҧсны адгьылҵакыраҟны аҧаратә еикәшара аҭоурых инарҭбааны иахцәажәо абарҭ аҟәшақәа рыла: «Аҧсны амонетақәа: атрадициақәеи иахьатәи азнеишьеи», «пьедфорт» аформат ала ичаҧоу амонетақәа «Искандер ифырхацәа» иазку «Аҧсны иналукааша ауаа: аклассикеи иахьатәи атехнологиақәеи». Ара иаагоуп асериа амонетақәа зегьы рычаҧашьа атехнологиеи ачаҧара апроцесси инарҭбаау рыхҳәаа, иара убас амонетақәа равтор, асахьаҭыхҩы Адгәыр Ӡиӡариа иинтервиу. Хазы хшыҩзышьҭра аҭоуп асериа «Кавказ ажәларқәа рышәҵатәи рабџьари», иаҵшьны иазгәаҭоуп аоригиналтә формеи амилаҭтә колорити.

Аҵыхәтәан иалацәажәоит иҿыцу атехнологиа «пламет» ала иҟаҵоу амонетақәа рсериа «Аҧсны Аҳәынҭқарра аҭыҧ ҧшӡарақәа».

Ажурнал адаҟьақәа рфото:


Ссылка на электронную версию здесь