Новости

АҦРА асистемаҟны атранзакциақәа реикәшара 15 млрд мааҭ иреиҳахеит

04-02-2020 16:12

Амилаҭтә шәатәтәы система АҦРА ала 2019 ш. имҩаҧгаз абанктә операциақәа рымҽхак 20,1% мамзаргьы 2,55 млрд мааҭ рыла еиҳахеит, 2018  шықәса рзы аасҭа.   Аҧсны адгьылҵакыраҟны абанктә картақәа зку имҩаҧыргоз аоперациақәа рзеиҧш еицҵалыҵ 15,25 млрд мааҭ артәеит. Имҩаҧгаз аоперациақәа реилазаараҟны АҦРА акартақәа рыхәҭаа иартәеит  61,9%, ЖӘАС (Жәларбжьаратәи ашәатәтәы система) акартақәа – 35,4%, ашәатәтәы система «Мир» акартақәа – 2,7%.

Урыстәылатәи амилаҭтә шәатәтәы система «Мир» акартақәа рыла амаҵзура иалагеит АҦРА ашәатәтәы инфраструктураҟны 2019 ш. рашәарамзазы. Иҳаҩсыз ашықәс азы «Мир» акартақәа рыла Аҧсны адгьылҵакыраҟны имҩаҧгаз аоперациақәа реицҵалыҵ 405 млн мааҭ рҟынӡа артәеит.  

2019 ш. жьҭаарамзазы Амилаҭтә шәатәтәы система АҦРА иалахәу абанкқәа    Урыстәылатәи Афедерациаҟны аоперациақәа рымҩаҧгара зылшо АҦРА «World» акарта ҿыцқәа рҭыжьра иалагеит.

2019 ш. аихшьалақәа рыла атауари амаҵзурақәеи напынҵада рыхәҧсақәа рыхшәаара амҽхак 2018 ш. аасҭа иазҳаит 49,7% рыла, иагьартәеит 2,67 млрд мааҭ.  ЖӘАС акартақәа рыла атәыла ахәаахәҭра-маҵзуратә наплакқәа рыҟны имҩаҧгаз аҧара ахшәаарақәа реицҵалыҵ иартәеит 2,40 млрд мааҭ, «Мир» акартақәа зку напынҵадатәи аоперациақәа рымҽхак иартәеит 151 млн мааҭ, АҦРА акартақәа рыла напынҵадатәи аоперациақәа 2019 ш. реицҵалыҵ 2018 ш. аасҭа иазҳаит 89% рыла, иагьартәеит 121 млн ааҭ. Бжьаратәла есҽны АҦРА акарта зку аахәарақәа мҩаҧыргон 330 нызқь мааҭ рыхә.

Абри аан атранзакциақәа реилазаараҟны ихадароу аҭыҧ ааныркылон напынҵала аҧара алхра иазку аоперациақәа. АҦРА аинфраструктура ала 2019 ш. абанктә картақәа зку 12,58 млрд мааҭ напынҵартәит. Абасала, напынҵалатәи аҧаратә хархәагақәа акартақәа рыла ралхра абжьаратәи арбага мызкы 1 млрд мааҭк артәеит.

2019 ш. Амилаҭтә шәатәтәы система АҦРА ашәатәтәы инфраструктура ырҭбаан. ЖӘАС АҦРА иалахәу абанкқәа ареспублика ахәаахәҭра-маҵзуратә наплакқәа рыҟны ишьақәдыргылеит 502 POS-терминалтә мыруга. 2020 ш. ажьырныҳәамза 1 азы  Аҧсны иахьаҵанакуа абанктә картақәа зку  рзы амаҵзура мҩаҧнагон   2156 мыруга рыла ишьақәгылаз аинфраструктура,  124 АТM, 1929 POS-,  103 ПВН-терминалқәагьы налаҵаны.